На текущий момент добавлено 823 книги.

Хотите предложить свою?

Предложить книгу!
Системы классификации: ББК и УДК;
Поиск по дисциплинам университета.

Аҧсуа бызшәа асинтақсис

Аҧсуа бызшәа асинтақсис Ш.Ҟ. Арсҭаа, Л.П. Ҷкадуа

«Аҧсуа бызшәа асинтақсис иааинырсланы иҩу шәҟәым. Уи хыҵхырҭақәасгьы, шьаҭасгьы иамоуп:
1. Авторцәа 1958 шықәса раахыс раҧхьа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә пединститут, нас  ихьӡ зху А. М. Горки Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны изыҧхьоз алеқциақәа ркурс.
Ҳзыхцәажәо алеқциақәа ркурс абызшәа азеиҧш теориа аизҳазыҕьара, иара убас аҧсуа бызшәа наукала аҭҵаара алҵшәақәа ирықәыршәаны аҽаҧсахуан, ихаҭәаауан.
2. Арсҭаа Ш. К. имонографиа «Аҳәоу мариа апроблема аҧсуа бызшәаҿы». Ари анаукатә усумҭа автор аус адиулон 1960-тәи ашықәсқәа раахыс. Аусумҭаҿы иҭҵаауп аҳәоу мариа апроблема хадақәа: аҳәоу апредикативтә шьаҭа, уи акомпонентқәа, акомпонентқәа рыбжьара иҟоу асинтақсистә жәеибаркыратә хкқәа: аҳәоу апредикативтә шьаҭа аиҵыхра, ахарҭәааразы ахархәара змоу зҳәоу хәҭақәа; аинфиниттә еицааирақәа, нас урҭ иааныркыло аҭыҧ аҳәоу мариа аструқтураҿы; аҳәоу хкқәа модалтә ҵакылеи; хықәкытә ҵакылеи; аҳәоу апредикативтә шьаҭа ахархәараан уи аҩнуҵҟа имҩаҧысуа аҽыҧсахрақәа.
3. Еилоу аҳәоу нас апунқтуациа шьаҭас ирымоуп апрофсссор Л. П. Ҷкадуа лнаукатә-ҭҵааратә усумҭақәа «Еилоу аҳәоу», «Аҧсуа бызшәа апунқтуациа» уҳәа убас егьырҭгьы.
4. Иарбанзаалак абызшәаҿы аморфологиеи асинтақсиси рышьхәа ҕәҕәала еивҵоуп. Аҧсуа бызшәа асинтақсис аиқәыршәараҿы ацхыраара ҕәҕәа ҟанаҵеит аморфологиа азҵаара хадақәа инарҭбааны иахьҭҵаау. Ара ишьаҭанкыроу цхыраагӡаны иҟалеит еиҳарак академикцәа Қь. В. Ломҭаҭиӡеи А. С. Чикобавеи рнаукатә усумҭақәа.
5. Аҵыхәтәантәи ашықәсақәа  рзы абызшәа азеиҧш теориа уаҩы иааџьеишьаратә аизҳа-зыҕьара аиуит, ҕәҕәала иазҳаит, еинылеит асинтақсис атеориагьы. Ишьақәыргылахеит еиҳа иҵоураны асинтақсис амаҭәар, аморфологиатә категориақәеи асинтақсистә категориақәеи рҳәаақәа, аҳәоу марка  аҷыдара    хадақәа,   уи ахаҭәаара, аиҵыхра апроблема   хадақәа. Абри зегьы ахархәара аиуеит ашәҟәы аиқәыршәараан.
Ари арҵага шәҟәы ҩуп авторцәа еиқәдыршәаз ауниверситет афилологиатә факультет иазку «Иахьатәи аҧсуа бызшәа» акурс апрограмма иақәыршәаны.
Абри арҵага шәҟәи иазгәаҳҭаз апрограммеи шьаҭас иҟаҵаны еиқәыршәоуп иара убас аколлективтә усумҭа а-V-тәи а-IХ-тәи аклассқәа ирызку аҧсуа бызшәа апрограммеи арҵага шәыҟәқәеи.  Убри апрограмма иақәыршәаны иҭыжьуп 4-тәи акласс иазку аҧсуа бызшәа арҵага шәҟәы. Убри иабзоураны иахьа уажәраанӡа ашколи аиҳабыра-ҵареи рыбжьара аҧсуа бызшәа аҵараҿы иҟаз аивгарақәа аҧыххоит, ашкол арҵага шәҟәқәа аҧсуа бызшәа атеориа анаукатә қәҿиарақәа иамоу ирықәшәо иҟалеит. Ари даара қәҿиара шьахәны иҧхьаӡатәуп аҧсуа бызшәа аҵара аус аҟны.
Аҧсуа бызшәа асинтақсис ахәҭақәа: 1) Еилоу аҳәоу; 2) Атәым ажәаҳәа; 3) Апунқтуациа, насгьы абарҭ апараграфқәа: а) афразеологиатә жәеидҳәалақәа рыла иаарҧшу азҳәа: б) аҟаҵарба ахьыҧшратә формақәеи ацхыраагӡатә ҟаҵарбақәеи рыла ишьақәгылоу азҳәа; в) ахьыҧшратә-зкратә формақәеи ацхыраагӡатә ҟаҵарбақәеи рыла ишьақәгылоу азҳәа; г) аҳәаақәҵа, аҭагылазаашьа, еижәлантәу аҳәоу хәҭақәа, алагалақәеи абжьаргылақәеи злоу аҳәоуқәа, ахазырха; д) аиҿагыларатә-аиҕьшьаратә архьыҧшатә инфиниттә еицааирақәа уҳәа убас егьырҭ алкаақәагьы лҩит Л. П. Ҷкадуа.
Аусумҭа егьырҭ ахқәеи, ахәҭақәеи иҩит Арсҭаа Ш. К.
Колчество страниц: 296
Год издания: 2010
Издательство:
Город издания: Аҟәа
ISBN:
Количество просмотров: 1256
Кафедра: Абхазский язык
Скачать: pdf;
*Чтобы скачать PDF-файл, при клике на ссылку зажмите кнопку Alt.
Книги этой кафедры:
Азанааҭтә лексика ажәар
Азанааҭтә лексика ажәар
О.П. Ӡиӡариа (Ӡари-ица)
Аԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟарақәа
Аԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟарақәа
Н.В. Аршба, А.Џь. Хьециа, Л.Р. Ҳагба, Т.Хә. Ҳалбад, Л.П. Ҷкадуа, Ҭ.П. Шьаҟрыл
Аԥсуа грамматика. Актәи атом
Аԥсуа грамматика. Актәи атом
Ш.Ҟ. Арсҭаа, Н.В. Аршба, Р.К. Гәыблиа, В.Ҳ. Конџьариа, Л.П. Ҷкадуа, Б.Гь. Џьонуа
Грамматика абхазского языка. Фонетика и морфология
Грамматика абхазского языка. Фонетика и морфология
Ш.К. Аристава, Х.С. Бгажба, М.М. Циколиа, Л.П. Чкадуа, К.С. Шакрыл
Аҧсуа синтаксис
Аҧсуа синтаксис
Ш.Ҟ. Арсҭаа
Аҧсуа бызшәа асинтақсис
Аҧсуа бызшәа асинтақсис
Ш.Ҟ. Арсҭаа, Л.П. Ҷкадуа