Изалшома аматематика аԥсуа бызшәала арцәажәара? Ари азҵаара аҭак аҟаҵара иазкуп аусумҭа.
Араҟа иаагоуп аматематика аҵакы шьҭызхуа, ҳбызшәа ианаалап ззуҳәартә иҟоу имаҷымкәа ажәа ҿыцқәа. Аусумҭа иаанарԥшуеит ҳбызшәа шбеиоу, аха иҵегь иҵауланы амаҭәартә бызшәақәа рганахь ала аҭҵаара шаҭаху.
Ашәҟәаҟны иарбоуп алгебра 5-ҭәи - 9-ҭәи аклассқәа рпрограмма иаҵанакуа. Ашьақәыргылашьеи амаҭәарҵаки реицааишьа убас еикәыршәоуп, рҵага шәҟәык аҳасаб ала аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рзы ахархәара алшартә, иара убасгьы аԥсуа бызшәа иазҿлымҳау рзы абызшәа даҽа ганкахьала иагәылаԥшыртә.