Ари арҵага шәҟәы хықәкыс иамоуп аԥсуа литературатә бызшәа афонетикатә, афонологиатә, аморфологиатә структура аарԥшра. Ус анакәха, иааркьаҿӡаны икәзаргьы иахцәажәатәуп аԥсуа литературатә бызшәа иахьатәи аҭагылазаашьа.
Алитературатә бызшәа ажәлар рбызшәа иацәыхараны, иаҿагыло иҟам, аха уеизгьы иамоуп ахатә ҷыдарақәа. Убарҭ аҷыдарақәа рҟнытә ихадоу ҳәа иазгәаҭазар ҟалоит абарҭ:
1. Алитературатә бызшәа иамоуп иалацәажәо (иалаҩуа) зегьы еицырзеиԥшны рхы иадырхәо, зымԥсахуа, ишьақәыргылоу анормақәа.
2. Алитературатә бызшәа афонетикатә еилазаара абызшәа афонологиатә структурв нашьашәаланы иҟаҵоуп.
3. Норма ҳасабла ишьақәыргылоуп алитературатә бызшәа ажәартә еилазаара.
4. Алитературатә бызшәа еиднакыло ажәақәа рморфологиатә еилазаара инормаркны, аунификациа рзуны иҟоуп.
5. Алтературатә бызшәа иамоуп иара убас ахатәы синтаксистә нормақәа.
6. Иамоуп уи ахатә стильтә ҷыдарақәа.