На текущий момент добавлено 823 книги.

Хотите предложить свою?

Предложить книгу!
Системы классификации: ББК и УДК;
Поиск по дисциплинам университета.

Книги

Модальные аффиксы в глаголе абхазского языка (по данным всех абхазско-абазинских диалектов)

Модальные аффиксы в глаголе абхазского языка (по данным всех абхазско-абазинских диалектов)

З.Х. Авидзба
Предлагаемая читателю книга представляет собой издание диссертационной работы известного государственного деятеля и ученого, ректора Абхазского государственного университета (1984-1988) З.Х. Авидзба. Исследование публикуется впервые.
Книга рассчитана на лингвистов, преподавателей вузов и школ, студентов.
Аԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟарақәа

Аԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟарақәа

Н.В. Аршба, А.Џь. Хьециа, Л.Р. Ҳагба, Т.Хә. Ҳалбад, Л.П. Ҷкадуа, Ҭ.П. Шьаҟрыл
Аԥсуа литература аҿиара ианалага инаркны, аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рҿаԥхьа иқәгылеит абызшәа анормақәа ирықәшәо аҩышьаԥҟарақәа раԥҵара азҵаара.
1933ш. иҭыҵит Д. И. Гәлиа еиқәиршәаз «Аԥсуа бызшәа иаазыркьаҿу аорфографиа». 1934-1935шш. рзы иҭыжьын А. К. Ҳашбеи В. И. Кәыкәбеи ари азҵаара иазкыз рыҭҵаамҭақәа. Аорфографиеи аграфикеи ирыдҳәаланы акырынтә акьыԥхь аҿы дықәгылеит К. С. Шьаҟрыл. Абарҭ апроблемақәа цәыргоуп А. М. Ҷоҷуа, К. С. Шьаҟрыл, Б. У. Шьынқәба, Хә. С. Бӷажәба еиқәдыршәаз ашколтә рҵага шәыҟәқәа рҿы.
1958 ш. иҭыҵит (1960 ш. еиҭаҭыжьын), уинахысгьы ахархәара зауз, акрызҵазкуа Хә. С. Бӷажәба «Аԥсуа орфографиа аԥҟарақәа» захьӡу иусумҭа.
1978 ш. Л. П. Ҷкадуа иҭлыжьит амонографиа, «Аԥсуа бызшәа апунктуациа» ҳәа хыс иаманы.
1981 ш. иҭыҵит Н. В. Аршба, Ҭ. П. Шьаҟрыл, Т. Хә. Ҳалбад, Л. П. Ҷкадуа ҳазлацәажәо апроблема иазку русумҭақәа реизга «Аԥсуа орфографиа аматериалқәа».
1997 ш. иҭыжьын Н. В. Аршба, Т. Хә. Ҳалбад, Л. Р. Ҳагба, Л. П. Ҷкадуа еиқәдыршәаз «Аԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟарақәа».
2011 ш. ари аусумҭа рҽеины, ихарҭәааны еиҭаҭыжьын. Уи автортә еилазаара: Аршба Н. В. , Хьециа А. Џь. , Ҳагба Л. Р. , Ҷкадуа Л. П. , аҭакзыԥхықәу аҭҵаарадырратә редактор – Л. Р. Ҳагба.
2017 шықәсазы, ҿыц аус адуланы, ари аҭҵаамҭа еиҭаҭыжьын.
Ишәыдаагало аԥҟарақәа еиқәыршәоуп аԥсуа бызшәадырраҿы абри апроблема иазкны ицәырҵыз агәаанагарақәа азгәаҭаны, шьаҭас ирымоуп аҵыхәтәан зыӡбахә ҳәоу аизга аматериалқәа. Ҷыдала иазгәаҭатәуп А. Џь. Хьециа акырӡа иширҭбааз «Анбан дуқәа рҩышьа» иазку ахы. «Аԥхьаӡара хьыӡқәа рҩышьа» иазку ахәҭаҟны, урҭ ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа хшыҩзышьҭра рыҭаны, аԥҟарақәа еиқәиршәеит агәынкыларазы еиҳа иманшәалоу апринцип ала.
Аусумҭа злашьақәгылоу ахәҭақәа: «Абжьыҟақәа рҩышьа апринципқәа», «Ацыбжьыҟақәа рҩышьа», «Ажәа аиагара аԥҟарақәа» (автор – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Н. В. Арышԥҳа); «Анбан дуқәа рҩышьа», «Аԥхьаӡара хьыӡқәа рҩышьа» (авторцәа – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Т. Хә. Ҳалбад, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат А. Џь. Хьециа); «Ацынгылақәа рҩышьа», «Ашьҭынгылақәа рҩышьа», «Абжьыҭҟьақәа рҩышьа», «Ахәҭаҷқәа рҩышьа», «Еиҭаҳәарала ишьақәгылоу ажәақәа рҩышьа» (авторцәа – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Ҭ. П. Шьаҟрылԥҳа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Л. Р. Ҳагԥҳа); «Аҟаҵарба аамҭатә, аркьынаатә формақәа рҩышьа», «Ахьыӡтә ажәеидҳәалақәа рҩышьа», «Апунктуациа» (автор – академик Л. П. Ҷкадуаԥҳа). Ахәҭақәа «Ахьыӡҟақәа рҩышьа», «Аҟазшьарбақәа рҩышьа» Т. Хә. Ҳалбад иусумҭақәа рыла акьыԥхь иазлырхиеит Л . Р. Ҳагԥҳа.
Аԥсуа литературатә бызшәа ажәлар зегьы ирзеиԥшу бызшәоуп. Уи еиҿкаазароуп еиҳа ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоу, иҭышәынтәалахьоу анормақәа рыла.
Аҭыжьымҭа ҿыц хықәкыс иамоуп, итрадициатәу афонетикатә, алексика-семантикатә, аморфологиатә принципқәа ирықәныҟәаны, ажәақәа рҩышьаҿы иаҳԥыло авариантрацәара аԥыхра, абызшәа аҿиарамҩаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа апроцессқәа разгәаҭара.
Аҧсуа синтаксис

Аҧсуа синтаксис

Ш.Ҟ. Арсҭаа
Ахшыҩзцара аарԥшреи аинформациа азнагареи рзы абызшәа иамоу алшарақәеи амчхарақәеи зегьы асинтаксис аҟны еизгоуп.
Асинтаксис  обиект хадас иамоу аҳәоу ауп, аха аҳәоу асин таксистә еи лазаашьа адагьы, уи иамоуп алогикатә, аԥсихологиатә, асин таксистә уҳәа аструктурақәа.  Урҭ зегьы рышьхәа еивҵоуп, аха ирымоуп рхатә ҷыдарақәагьы, рхатә ҳәаақәа, рхатәы еилазаашьақәагьы. Иахьатәи абызшәа атеориаҿы урҭ рҳәаақәа, инагӡаны акәымзаргьы, ишьақәгылоуп. Даҽакала иаҳҳәозар, алогика ҭызҵаауа уи аҳәаақәа иахьалаго, иахьынҵәо идыруеит, аԥсихологиа ҭызҵаауагьы иара убас, асинтаксис ҭызҵаауа абызшәа асинтаксистә еилкаарақәа мҩашьарада идыруазароуп.
Иҟан аамҭа асинтаксиси, алогикеи, аԥсихологиеи уҳәа рҳәаа қәа анеилыргамыз. Усҟан асинтаксис ҭызҵаауа зны алогикахь даршәуан, даҽазных – аԥсихологиахь, аха иахьа, ишаҳҳәаз еиԥш, ус иҟам. Арҭ рҳәаақәеи рҷыдарақәеи реилыргара аҵарауаа аамҭа рацәаны ирцәақәӡит, аха аҵыхәтәаны џьара икылсит. Аурыс классикцәа Потебниа А.А., Фартунатов Ф.Ф., Шахматов А.А., Пешковски А.М., Виноградов В.В. уҳәа иқәдыргылон асинтаксис иадҳәалоу азҵаарақәа урҭ рҭакгьы усҟантәи аамҭа иахьынӡарылнаршоз ала иҟарҵон, аха иҵегь ихаҭәааны арҭ апроблемақәа рҭҵаара иацырҵеит абызшәатә теориа аструктурализм анышьақәгыла инаркны.
Абызшәа асинтаксис ҭызҵаауа асинтаксистә еилкаарақәа дрықәныҟәозароуп, урҭ шьаҭас иҟаиҵозароуп даҽаџьара дыг ҿамҳакәа. Усҟан алҵшәақәа еиҳа аҵабырг иазааигәахоит.
Ари аусумҭаҿы ҳара ҳрыхцәажәоит асинтаксис аобиектқәа: аҳәоуи (имариоуи еилоуи), ажәеидҳәалеи.