UDK / 821 / 821.3 Литература кавказских языков. Литературы на мёртвых языках неизвестного происхождения
Аԥсуа орфографиа аԥҟарақуа
Х.С. Бӷажәба
Аорфография даҿакала иаҳҳәозар, аҩышьаԥҟара, краҵанак'уеит алитературатә (ашәҟуҩыратә) бызшәа арҿиаразы, арманшәаларазы. Аԥсуа литературатә бызшәа Асовет мчра ахаан ауп инарҭбааны аҿиара ианалага. Уи есааира аҿарҿеиуеит, аҿарбеиауеит аԥсуа жәлар ркультура азҳа-зыӷьара абзоурала. Аԥсуа литературатә бызшәа иҵегь арманшәаларазы, арҿиаразы ҷыдала игуцарактәуп аорфография, уи аԥҟарақуа шьақурыӷуӷуатәуп, ажәакала, ишьақургылатәуп зегьы ирзеиԥшу, зегьы зықуныҟуаша аҩышьаԥҟара.
