На текущий момент добавлено 831 книга.

Хотите предложить свою?

Предложить книгу!

Аԥсуа грамматика. Актәи атом

Аԥсуа грамматика. Актәи атом
Ш.Ҟ. Арсҭаа, Н.В. Аршба, Р.К. Гәыблиа, В.Ҳ. Конџьариа, Л.П. Ҷкадуа, Б.Гь. Џьонуа
Аԥсуа бызшәа ҭҵаарадырратә обиектны иҟалеит XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжа инаркны. Аԥсуа бызшәадырра ашьақәгылара П. К. Услар ихьӡ иадҳәалоуп. Пиотр Карл-иԥа Услар занааҭла – арратә нџьныр, усурала – аурыс ар ринрал, усҟантәи аамҭазы алаҵәара ҭбаа зауз аиҿырԥшыра-ҭоурыхтә бызшәадырра иаԥнаҵаз атеориатә дыррақәеи аметодқәеи ибзиаӡаны издыруаз бызшәадырҩын. П. К.и Услар 1862 шықәсазы литографла иҭижьуеит «Аԥсуа бызшәа» ҳәа хыс измаз амонографиа. Убри ала иалагоит аԥсуа бызшәадырра1. Иахьагьы еиҳарак амч рыманы иҟоуп амонографиаҿы иаагоу абызшәатә материалқәа рквалификациа. 1912 шықәсазы Н. И. Марр инапхгаралеи иредакциалеи иҭыҵуеит П. Ҷараиа иусумҭа2. Уинахыс Н. И. Марр иҭҵаарадырратә интересқәа ирыхәҭакны иҟалеит аԥсуа бызшәагьы. Н. И. Марр аԥсуа бызшәа иазкны иҭижьуеит акымкәа аусумҭақәа. Убарҭ рахьынтә, ажәақәа рҳәашьа мыԥсахкәа, адиалекттә, ацәажәашьатә ҷыдарақәа рызныжьны алагалареи, аԥсуа ажәа аҵакы иазааигәоу аурыс аиҭагат азыԥшаареи рыла иалукаартә иҟоуп «Аԥсуа-аурыс жәар». Иара убас Н. И. Марр аԥсуа бызшәеи аԥсуаа рҭоурыхи ирызку, иахьагьы иактуалтәу аусумҭақәа дравторуп.
Количество страниц: 448
Год издания: 2014
Издательство: Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
Город издания: Аҟәа
Язык: абхазский
Количество просмотров: 2197
Скачать: pdf (1.3 МБ)
Книги этой кафедры:
Азанааҭтә лексика ажәарАзанааҭтә лексика ажәарО.П. Ӡиӡариа (Ӡари-ица)
Аԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟарақәаАԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟарақәаН.В. Аршба, А.Џь. Хьециа, Л.Р. Ҳагба, Т.Хә. Ҳалбад, Л.П. Ҷкадуа, Ҭ.П. Шьаҟрыл
Грамматика абхазского языка. Фонетика и морфологияГрамматика абхазского языка. Фонетика и морфологияШ.К. Аристава, Х.С. Бгажба, М.М. Циколиа, Л.П. Чкадуа, К.С. Шакрыл
Аҧсуа бызшәа асинтақсисАҧсуа бызшәа асинтақсисШ.Ҟ. Арсҭаа, Л.П. Ҷкадуа