«Аҧсуа бызшәа асинтақсис иааинырсланы иҩу шәҟәым. Уи хыҵхырҭақәасгьы, шьаҭасгьы иамоуп:
1. Авторцәа 1958 шықәса раахыс раҧхьа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә пединститут, нас ихьӡ зху А. М. Горки Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны изыҧхьоз алеқциақәа ркурс.
Ҳзыхцәажәо алеқциақәа ркурс абызшәа азеиҧш теориа аизҳазыҕьара, иара убас аҧсуа бызшәа наукала аҭҵаара алҵшәақәа ирықәыршәаны аҽаҧсахуан, ихаҭәаауан.
2. Арсҭаа Ш. К. имонографиа «Аҳәоу мариа апроблема аҧсуа бызшәаҿы». Ари анаукатә усумҭа автор аус адиулон 1960-тәи ашықәсқәа раахыс. Аусумҭаҿы иҭҵаауп аҳәоу мариа апроблема хадақәа: аҳәоу апредикативтә шьаҭа, уи акомпонентқәа, акомпонентқәа рыбжьара иҟоу асинтақсистә жәеибаркыратә хкқәа: аҳәоу апредикативтә шьаҭа аиҵыхра, ахарҭәааразы ахархәара змоу зҳәоу хәҭақәа; аинфиниттә еицааирақәа, нас урҭ иааныркыло аҭыҧ аҳәоу мариа аструқтураҿы; аҳәоу хкқәа модалтә ҵакылеи; хықәкытә ҵакылеи; аҳәоу апредикативтә шьаҭа ахархәараан уи аҩнуҵҟа имҩаҧысуа аҽыҧсахрақәа.
3. Еилоу аҳәоу нас апунқтуациа шьаҭас ирымоуп апрофсссор Л. П. Ҷкадуа лнаукатә-ҭҵааратә усумҭақәа «Еилоу аҳәоу», «Аҧсуа бызшәа апунқтуациа» уҳәа убас егьырҭгьы.
4. Иарбанзаалак абызшәаҿы аморфологиеи асинтақсиси рышьхәа ҕәҕәала еивҵоуп. Аҧсуа бызшәа асинтақсис аиқәыршәараҿы ацхыраара ҕәҕәа ҟанаҵеит аморфологиа азҵаара хадақәа инарҭбааны иахьҭҵаау. Ара ишьаҭанкыроу цхыраагӡаны иҟалеит еиҳарак академикцәа Қь. В. Ломҭаҭиӡеи А. С. Чикобавеи рнаукатә усумҭақәа.
5. Аҵыхәтәантәи ашықәсақәа рзы абызшәа азеиҧш теориа уаҩы иааџьеишьаратә аизҳа-зыҕьара аиуит, ҕәҕәала иазҳаит, еинылеит асинтақсис атеориагьы. Ишьақәыргылахеит еиҳа иҵоураны асинтақсис амаҭәар, аморфологиатә категориақәеи асинтақсистә категориақәеи рҳәаақәа, аҳәоу марка аҷыдара хадақәа, уи ахаҭәаара, аиҵыхра апроблема хадақәа. Абри зегьы ахархәара аиуеит ашәҟәы аиқәыршәараан.
Ари арҵага шәҟәы ҩуп авторцәа еиқәдыршәаз ауниверситет афилологиатә факультет иазку «Иахьатәи аҧсуа бызшәа» акурс апрограмма иақәыршәаны.
Абри арҵага шәҟәи иазгәаҳҭаз апрограммеи шьаҭас иҟаҵаны еиқәыршәоуп иара убас аколлективтә усумҭа а-V-тәи а-IХ-тәи аклассқәа ирызку аҧсуа бызшәа апрограммеи арҵага шәыҟәқәеи. Убри апрограмма иақәыршәаны иҭыжьуп 4-тәи акласс иазку аҧсуа бызшәа арҵага шәҟәы. Убри иабзоураны иахьа уажәраанӡа ашколи аиҳабыра-ҵареи рыбжьара аҧсуа бызшәа аҵараҿы иҟаз аивгарақәа аҧыххоит, ашкол арҵага шәҟәқәа аҧсуа бызшәа атеориа анаукатә қәҿиарақәа иамоу ирықәшәо иҟалеит. Ари даара қәҿиара шьахәны иҧхьаӡатәуп аҧсуа бызшәа аҵара аус аҟны.
Аҧсуа бызшәа асинтақсис ахәҭақәа: 1) Еилоу аҳәоу; 2) Атәым ажәаҳәа; 3) Апунқтуациа, насгьы абарҭ апараграфқәа: а) афразеологиатә жәеидҳәалақәа рыла иаарҧшу азҳәа: б) аҟаҵарба ахьыҧшратә формақәеи ацхыраагӡатә ҟаҵарбақәеи рыла ишьақәгылоу азҳәа; в) ахьыҧшратә-зкратә формақәеи ацхыраагӡатә ҟаҵарбақәеи рыла ишьақәгылоу азҳәа; г) аҳәаақәҵа, аҭагылазаашьа, еижәлантәу аҳәоу хәҭақәа, алагалақәеи абжьаргылақәеи злоу аҳәоуқәа, ахазырха; д) аиҿагыларатә-аиҕьшьаратә архьыҧшатә инфиниттә еицааирақәа уҳәа убас егьырҭ алкаақәагьы лҩит Л. П. Ҷкадуа.
Аусумҭа егьырҭ ахқәеи, ахәҭақәеи иҩит Арсҭаа Ш. К.